Ажәабжь ҿыцқәа

06.01.2026 131 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иира Амш идиныҳәалеит.
05.01.2026 135 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев иира амш идиныҳәалеит.
Мамуки Мдинараӡе уаанӡа иҟаиҵаз аҳәамҭеи асоциалтә ҳа X аҿы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз адырраҭареи инарымаданы, иазгәаҭатәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит ақырҭуа политикатә спектр хазы игоу ахаҭарнакцәак, жәларбжьаратәи апроцессқәа рхатә политикатә зыԥшрақәа инарықәыршәаны рыҟаларазы рҽазышәарақәа, обиективла ишьақәгылаз арегионалтәи жәларбжьаратәи ареалиақәа шаадмырԥшуа.
02.01.2026 164 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа имш иира идиныҳәалеит.
30.12.2025 143 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
30.12.2025 140 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
30.12.2025 134 Анотақәа
Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иааиуа Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи идиныҳәалеит.
30.12.2025 138 Анотақәа
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра хшыҩзышьҭрала, еилкаарыла иазнеиуеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак М. Захарова «Sputnik Қырҭтәыла» аинтервиу аҭо илаҳәаз.
24.12.2025 142 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова лымшира лыдиныҳәалеит.
24.12.2025 163
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихантәаҩрала, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны имҩаԥысит 2025 шықәсазтәи адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын аминистр ихаҭыԥуаа Одиссеи Бигәааи Иракли Ҭыжәбеи, аусбарҭа адепартаментқәа реиҳабацәеи.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада ҿыц Валериа Џьемелло.
Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман онлаин-конференциа «Приднестровие - 35 шықәса жәларбжьаратәи акоординатқәа рсистемаҿы» ихы алаирхәит.
19.12.2025 138
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра еиҿнакааз ажурналистцәеи аблогерцәеи рыбжьара аицлабра «Взгляд-2025» афинал аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит.
Ԥхынҷкәынмза 16, 2025 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль имҩаԥигаз ашықәс ҿыц аламҭалазтәи аныҳәатә еиԥылара ихы алаирхәит.
Манагуа имҩаԥысит раԥхьатәи жәларбжьаратәи афорум«Никарагуа аекспорт мҩаԥнагоит 2025: Аекспорттә лшарақәа аџьармыкьа ҿыцқәа рахь рнагара» аартра иазкыз аныҳәатә церемониа.
13.12.2025 189
Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рнапхгара алахәны имҩаԥысыз аилацәажәара иазкны асоциалтә ҳақәа рҿы ииашам ацәажәарақәа ахьеизҳауа инамаданы, адырра ҟаҳҵоит:
12.12.2025 186
2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 12 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи акоординациатә еилацәажәара мҩаԥыргеит.
Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа Евразиатәи Аилазаара (Берлин) анапхгара ааԥхьарала итрадициатәу Қьырсаныҳәа ахәылԥаз даҭааит.
12.12.2025 132 Анотақәа
Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш инамаданы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: