Ажәабжь ҿыцқәа

Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчра змоу ахаҭарнак, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Хьыбла Амҷԥҳа лхы алалырхәит Гәымбольд иуниверситет Жәларбжьаратәи ахатәы бызшәа Амш азы имҩаԥнагаз аусмауснагӡатә.
Жәабранмза 19, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчра змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасарови Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы иҟоу атәылахьчара азҵаарақәа рзы атташе аполковник Сергеи Надежкини рнаԥхьарала, Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз аҳәынҭқарратә дкылара ихы алаирхәит.
Жәабранмза 19, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчра змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа афорум «Женеватәи аиқәшаҳаҭра 60 шықәса ахыҵра: актуалра, азакәанра, Венесуела аҭоурыхтә позициа» аартра ихы алаирхәит.
Жәабранмза 20, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчра змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, зхы иақәиҭу ауаа Реинрал Аугусто Сесар Сандино иԥсҭазаара далҵижьҭеи 92-шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Жәабранмза 18 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа 66-тәи араунд аҽазыҟаҵаратә консультациақәа мҩаԥысит. Аԥсуа ган аҟынтәи аконсультациақәа рхы рыладырхәит аминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Сариа Џьопуа, Леван Гадлиа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Аахыҵ Уаԥстәыла аиашьаратә дгьыл аҿы аделегациа иазыҟаҵаз аԥылареи адкылара ԥхеи рзы, инаҵшьны иазгәеиҭеит – аҳәынҭқаррақәа рпарламентқәа рыбжьара аинырра аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура ихадоу ахәҭақәа ишреиуоу.
Жәабран 17 рзы, Аԥснытәи аделегациа Уаԥстәыла рыҟазаараан, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Ахсар Џьиоеви реиԥылара мҩаԥысит.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоеви Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци реиԥылара мҩаԥысит Цхинвал, жәабран 17 рзы.
Аделегациа аилазаара иалоуп: Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, аминистр ицхырааҩ Дмитри Амҷба, астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба, Афинанс-плантә департамент аиҳабы Владимир Ҳашыг, Аҳәынҭқарратә ԥкаанҵа Адепартамент ареферент Саид Ҭарба.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу ачерқьес гәыҳалалратә Ассоциациа ааԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәыла иҟоу ачерқьес гәыҳалалратә Ассоциациа афольклортә музыкатә коллектив ансамбль «Аслан» ахьықәгылаз амузыкатә хәылԥазы «Кавказ ахаҭа аҟынтәи» даҭааит.
13.02.2026 108
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Алиас Аиба Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵоуп Ареспублика Никарагуа аҿы.
13.02.2026 93
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ианашьоуп адипломатиатә ранг Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ.
12.02.2026 82
Жәабранмза 12, 2026 шықәсазы Аԥсны АдәАР аҿы иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак алахәылацәа Асҭанда Патараиа, Викториа Маланиа, Асҭамыр Асабуа, Саид Ҭарба авидеоеимадара арежим ала жәларбжьаратәи адипломат ҿарацәа Жәларбжьаратәи Рассоциациа актәи аконференциа рхы аладырхәит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иааԥхьарала Урыстәыла адипломатиатә усзуҩы Имш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
10.02.2026 126
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхы иақәиҭу аиқәԥаразы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡара занашьоу Рашь Хәытаба 75-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
10.02.2026 175
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Ахба Игор Мураҭ-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә ӡбарҭа аиубилеитә медал «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 30 шықәса ахыҵра» ианашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә ргылара аганахь ала илшамҭақәа рзы.
10.02.2026 97
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥгаз аныҳәатә дкылара ихы алаирхәит.
10.02.2026 119 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адипломатиатә усзуҩ Имш идиныҳәалеит.
10.02.2026 125 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы.
10.02.2026 97 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит адипломатиатә усзуҩы Имш инамаданы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: