Аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа рыҭара аԥҟарра

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәтәи акорреспондентцәа аккредитациа рыҭара мҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәтәи акорреспондентцәа аккредитациа рыҭара Аԥҟарақәа инарықәыршәаны.

Аҳәаанырцәтәи акорреспондентцәа аккредитациа рнаҭоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Апресс-маҵзура.

Аҳәаанырцәтәи акорреспондент аккредитациа иҭаразы Апресс-маҵзурахьы инашьҭтәуп абарҭ адокументқәа:

1. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихьӡ ала аредакциа аҟынтәи аофициалтә бланк аҿы аккредитациа аиуразы аҳәара зуа ашәҟәы;

 2.Ихарҭәаау анкетаНеилых ҟамҵакәа анкета апунктқәа зегьы харҭәаатәуп. Иахәҭоу аинформациа ыҟамзар, анкета ахәаԥшразы ирыдрымкылар алшоит;

3. Аккредитациа зырҭо  итәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа;

4. Авиза ахкьыԥхьаа, мамзаргьы  атәыла алаларазы азин, авизадатә режим ззышьақәыргылоу атәылақәа аалхны;

5.Ажурналисттә ршаҳаҭга, апресс-хсаалага ( урҭ рыҟамзаараан – аредакциа аҟынтәи иарбоу акорреспондент иусура шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы);

6. АИХқәа рҭаҩразы аршаҳаҭга;

7. Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы издызкыло аган ааԥхьара (иҟазар);

8. Аԥсны Аҳәынҭқарра иазкны иҩу аматериалқәа рахь азхьарԥшқәа (иҟазар);

9. Иаларгало амаругақәа рсиа.

Иарбоу адокументқәа асканер зызу рыхкьыԥхьаақәа електронтә ҟазшьала раашьҭра алыршахоит (аформат pdf ала афаилқәа) e-mail ахь: info@mfaapsny.org

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра арзаҳал алазҵаз иҟынтәи адокументқәа рпакет наӡа анаиу аҽны инаркны, хә-усуратә мшы рыҩныҵҟа, аҳәаанырцәтәи акорреспондент аккредитациатә хсаалага иҭаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аккредитациа зауз аҳәаанырцәтәи акорреспондентцәа аккредитациазы иахәҭоу аршаҳаҭга (аккредитациатә хсаала) рырҭоит.

Аккредитациатә хсаалага аиуразы аҳәаанырцәтәи акорреспондентцәа Аԥсны ианааилак Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь идҵаалароуп:

Аҭыӡҭа: 384900 ақ. Аҟәа,  Лакоба имҩ., 21;

Аҭел.: +7 (840) 229-75-86.



X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: