Иахьа Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа .
Ацеремониа рхы аладырхәит атәыла анапхгара, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә корпус, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аколлективи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа, иара убас Игор Ахба иколлегацәеи иҭынхацәеи.
Ацеремониаҿы дықәгыло, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит Игор Ахба шықәсырацәалатәи иусура аҵакы шамоу, атәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчареи адипломат ҿарацәа разыҟаҵареи рҿы илагала шдуу, иагьазгәеиҭеит уи иԥсҭазаара иалҵра Аԥсны азы ицәыӡ хьанҭаны ишыҟалаз.