Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али иҷыдоу ааглыхратә цәыргақәҵақәа хԥа «Машхадани» раартра ацеремониа ихы алаирхәит

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али иҷыдоу ааглыхратә цәыргақәҵақәа хԥа «Машхадани» раартра ацеремониа ихы алаирхәит
7 August 2026 1

Шьамтәылатәи Арабтә Республика аекономикеи ааглыхреи рминистрра ацхыраарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али ааглыхратә гәыԥ «Машхадани» еиҿнакааз иҷыдоу ааглыхратә цәыргақәҵақәа хԥа раартра ацеремониа ихы алаирхәит.

Аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит иҷыдоу аусхкытә цәыргақәҵақәа: Syria Plast (апластмассатә ааглыхра), Chem Expo (ахимиатә ааглыхра), RAWMEX (аӡеи аарыхратә материалқәеи). Ацәыргақәҵақәа мҩаԥысуеит Дамаск ақалақь аҿы иҟоу ацәыргақәҵатә комплекс аҵакыраҿы.

Аартра ацеремониа рхы аладырхәит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аекономикеи ааглыхреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Басель Абдель-Ханнан, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи аџьырмыкьақәеи Рҳәынҭқарратә усбарҭа адиректор хада Мохаммед Хамза, Дамаск ааглыхра Апалата ахантәаҩы Аиман Моулов, иара убас Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа.

Ааглыхратә комплекс «Машхадани» арегион аҿы иналукааша иҷыдоу ацәыргақәҵатә плошьадкақәа ируакуп. 10 нызқь м.ԥ. иреиҳаны иахьаҵанакуа ицәыргоу аекспозициа еиднакылоит 13 тәыла рҟынтәи 200 инареиҳаны ахәаахәҭратә маркақәа. Ацәыргақәҵақәа жәларбжьаратәи ааглыхратә усеицура аҿиареи, аусутә еимадарақәа рышьақәыргылареи, апартниорцәа ҿыцқәа рыԥшаареи, аԥышәа аимдареи, иара убас ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи, аинновациақәеи, ааглыхратә ӡбамҭақәеи раарԥшреи рзы хра злоу платформаны иҟоуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: