Ажәабжь ҿыцқәа

17.11.2025 124
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Киевтәи арежим ацәгьоурақәа рзы Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Родион Мирошник, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩцәа, аветеранцәа, арратә операциа ҷыда Аԥснытәи алахәылацәа, аибашьратә документалистцәа, ажурналистцәа, асасцәа.
17.11.2025 198
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Жәларбжьаратәи адокументалтә кино афестиваль "RТ. Док: Ҳфырхацәа раамҭа" аартра ацеремониаан ажәахә ҟаиҵеит.
17.11.2025 107
2025 шықәса абҵарамза 17 азы жәларбжьаратәи афестиваль "RТ.Док: Ҳфырхацәа раамҭа" аартра аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәеи астудентцәеи рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа рышьҭаҵара ихы алаирхәит.
2025 шықәса абҵара 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Италиа иҟоу, анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амедал «Алшамҭақәа рзы» ианеишьеит 2016 шықәса раахыс имҩаԥиго иусура, Аԥсни егьырҭ атәылақәеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, аҳәаанырцә, ҷыдала Италиатәи ареспубликаҿ ахьӡ ашьҭыхреи аларҵәареи рҿы илшамҭақәа рзы.
Абҵарамза 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц диԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани. Аиԥылара рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниеи Вито Гриттани иԥшәмаԥҳәыс Камелиа Дарина-Попи.
Абҵара 14 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика иҟоу азинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватамани Тирасполь ақалақьтә Жәлар Рдепутатцәа Рхеилак ахантәаҩы Вадим Дони Ареспублика Приднестровиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакраҿы русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Никарагуа иҟоу Палестина Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи аминистр-ихаҭыԥуаҩ Алиас Аибеи Палестина ахада Иасир Арафат иԥсҭазаара далҵижьҭеи 21 шықәса аҵра иазкны ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.
2025 шықәса абҵарамза 11 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы азинмчы наӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровиатәи Ацентртә алхратә комиссиа алахәыла Викториа Иладиеи реиԥылара мҩаԥысит.
Иахьа, абҵарамза 11 рзы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд абҵарамза 11 рзы Женева ақалақь аҿы иалагоит.
10.11.2025 131
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Кьиут азанааҭтә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа раԥҵара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Женеваҟа инеиит, Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд алахәхаразы.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу аԥсуа-черқьестә уаԥшьи рыбжьара асоциалтә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии аполитикатә зҵаарақәа рзы Адепартамент ахаҭарнак Аҳмад Бадауи Алеппо ақалақь аҿы иҟоу Ачерқьестә гәыҳалалратә Еилазаара аштаб-квартира иаҭааит.
07.11.2025 130
Москва иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ВДНХ аҟны зеиҭашьақәыргылараз аусурақәа мҩаԥысуа апавильон «Аԥсны» аҭагылазаашьа гәеиҭеит.
Апровинциа Алеппо аҭаараан, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али апровинциа Алеппо аполитикатә усқәа рзы Анапхгараҭара адиректор Ибраҳим Ибраҳим диԥылеит.
06.11.2025 201 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра адиректор хада Ирина Агрбеи аколлективи АТ ашьаҭаркра амш рыдиныҳәалеит.
05.11.2025 165
Аспортсменка Софиа Боџьгәуа абҵарамза 12 инаркны 14 рҟынӡа Пекин имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи атурнирқәа – «Небесная грациеи» Beijing Top Open - 2025 дрылахәхоит. Уи уахь Аԥсны Аҳәынҭқарра асахьаркыратә гимнастика Афедерациа ддәықәнаҵоит.
04.11.2025 140 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы нарышьҭит.
04.11.2025 135 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амилаҭтә ныҳәа, жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Палестина Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Маџьид Заки Абу аль-Ҳава Никарагуа иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа ҳаҭырла диҭааит.
29.10.2025 207
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москваҟа аусуратә ҭаара мҩаԥигоит. Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчрақәа рхаҭарнакцәа рԥылара.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: