Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови реиԥылара иазкны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови реиԥылара иазкны
24 July 2026 66

Ԥхынгәымза 24, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинови Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганбеи.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәеи еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аҩганктәи аусеицура арҵауларазы анаҩстәи ашьаҿақәеи ирылацәажәеит.

Аганқәа жәларбжьаратәии арегионалтәии амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәеи рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: