Цәыббрамза 28, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинови реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит аминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба, аминистрра Аконсултә Департамент аиҳабы Лаша Аҩӡба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша анапхгаҩы Ружински Станислав.
Олег Барцыц игәымбылџьбароу ацәгьоура иахҟьаны иҭахаз Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ Амина Бикбова лыуацәеи лҭынхацәеи дрыдышшылеит, агәра диргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра акомпетенттә усбарҭақәа аҭаацәа ганрацәала ацхыраара шрырҭо. Иара иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа аҳәынҭқарра ахылаԥшра ҷыда шамоу. Агәызҩара ззыҟоу даанкыланы аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп, иахәҭоу аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.
Олег Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауааи егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылауааи Аԥсны иахьаҵанакуа ршәарҭадара аиҿкаара аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура ахырхарҭа хадақәа ишреиуоу.