Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшылара нанашьҭит Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иаҿагыланы бџьаршьҭыхлатәи агрессиа иалагеижьҭеи 18 шықәса аҵра инадҳәаланы.
Анотаҿы иазгәаҭоуп:
«Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар аибашьраан иаадырԥшыз агәымшәареи, ахачҳареи, ахамеигӡареи наунагӡа иҿырԥшыганы иаанхоит рыԥсадгьыл ахьчарази, ахақәиҭрази, аҭынч ԥсҭазааразы азини рзықәԥара иаҿырԥшыганы.
Гәалсра дула иазгәаҳҭоит жәаа шықәса рышьҭахьгьы ақырҭуа напхгара ҳтәылақәа рганахь ала аиӷаратә политика мап шацәырымкыз. Иахьагьы, урҭ жәларбжьаратәи аҭахкаара, жәларбжьаратәи аимадарақәа инагӡаны рылахәхаразы алшарақәа рыԥкра рҽазыршәоит. Ари Еиду амилаҭқәа Реиҿкаара Аԥҟаԥҵәеи жәларбжьаратәи азин егьырҭ еицазхарҵахьоу апринципқәеи рҿы ишьақәырӷәӷәоу, ихадоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи ҳҳәынҭқаррақәа руааԥсыра рынагӡара иаԥырхаганы ирныԥшуеит.
Агәрагара ааҳарԥшуеит адәныҟатәи ақәыӷәӷәара шымҩаԥысуагьы Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аринахысгьы аҳәынҭқарра шарӷәӷәало, жәларбжьаратәи аилазаареи иареи реимадарақәа шарҭбаало, астратегиатә дгылаҩ — Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала иԥсабаратәым аԥынгылақәа ишыриааиуа, атәылауаа рҭынчреи, рҭышәынтәалареи, реизҳазыӷьареи рыхьӡала аус шауа».