Ельчин Аӡынԥҳа лганахь ала иҟаҵаз ақәмақаррақәа инарымаданы Аԥсны АдәАР иҟанаҵаз ахҳәаа

Ельчин Аӡынԥҳа лганахь ала иҟаҵаз ақәмақаррақәа инарымаданы Аԥсны АдәАР  иҟанаҵаз ахҳәаа
14 August 2026 13
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны гәҭынчымрала иазгәарҭоит Аԥсны атәылауаа рзинқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа шьҭызхуа аекспертцәеи азинхьчаҩцәеи ишрықәыӷәӷәо азы иаиуа адыррарақәа.

Убри инамаданы Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, адоцент, аҳақьым Ельчин Аӡынԥҳа лыкәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа ҷыдала уазхьамԥшыр залшом.

Женева имҩаԥысуаз амилаҭ маҷқәа рызҵаарақәа  рзы ЕАР Афорум асессиаҿы лықәгылараан аҳақьым Аӡынԥҳа дазааҭгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҭахкаара, хақәиҭрала аныҟәараз аԥкрақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа русшәҟәқәа разхамҵара ирызку азҵаарақәа.

Ельчин Аӡынԥҳа лықәгылара ашьҭахь лара лганахь ала аҭыԥ рыман амақаррақәа, ақәыӷәӷәарақәа, акибержәыларақәа. Иҟалаз инамаданы лара азинхьчаратә усбарҭақәа рахь арзаҳал налышьҭит.

Мшаԥымза 24, 2026 шықәса рзы ЕАР ажәахәҟаҵаҩцәа ҷыдацәа хәҩык рнапы зҵарҩыз аофициалтә шәҟәы Қырҭтәыла Аиҳабыра ирзынарышьҭит. Аусшәҟәы аҿы аҳақьым Аӡынԥҳа ақәыӷәӷәарақәа лзыҟаҵан ҳәа адырраҭарақәа агәҭынчымра шрызцәырнагаз азгәаҭан, уи азы ақырҭуа ган аҭагылазаашьа ҭырҵаарц азы аҳәара рыҭан. Аха иарбоу азы еилыркаарак ҟаҵамызт. Уимоу, Ельчин Аӡынԥҳеи уи лҭаацәеи рганахь ала иахьа уажәраанӡагьы амч рхы ишадырхәо азы адырра рырҭоит, ирықәмақаруеит.

Ҳара иазгәаҳҭоит жәларбжьаратәи азинхьчаратә механизмқәа иарбоу азҵаара разҿлымҳара аҵак ду шамоу. Ас еиԥш ахҭысқәа умӡалароуп, згәаанагара аарԥшреи азинхьчаратә усуреи рзы зхақәиҭратә зин назыгӡо ахаҿқәа рықәыӷәӷәара афактқәа аобиективтә хәшьара роуроуп.

Аԥсны АдәАР жәларбжьаратәи аплошьадкақәа рҿы Аԥсны атәылауаа ринтересқәа рыхьчара мҩаԥнагоит. Аԥсны Аҳәынҭқарреи уи атәылауаа рзинқәеи ирыдгыло ауаа рықәыӷәӷәара, ма рышьҭашәарыцара иарбанызаалак фактк хшыҩзышьҭрада иаанхаӡом.

Ҳара ҳгәы иҭоуп– ҳҳәынҭқарреи уи атәылауааи рзы аобиективтә информациа иаартны иаазырԥшуа дарбанызаалак ихьчаразы иҟоу азинтәи адипломатиатәи механизмқәа зегьы рхархәара.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра,  Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа имҩаԥысраны иҟоу араунд аҿы хымԥада ишьҭнахуеит  Ельчин Аӡынԥҳа лганахь ала иҩаԥысуа ашьҭашәарыцареи ашәарҭарақәеи рызҵаара.. Аԥсуа ган ақырҭуа ган аҟынтәи аофициалтә ҭак аиураз иахәҭоу зегь ҟанаҵоит. Иарбоу азҵаара ашхәаԥштә иалххаӡом инагӡаны аилыркаарақәа ҳауаанӡа, иҟалаз обиективла ахәшьареи ҳауаанӡа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: