Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаараҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа еснагьтәи ахаҭарнак В. А. Небензеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рзы апресс-знеишьаан ииҳәаз апозициақәа рганахьала Аԥсны АдәАР иҟанаҵаз ахҳәаа адгылара анаҭоит.
2008 шықәса нанҳәамза ахҭысқәа урыстәылатәи аган иарҭо ахәшьара ацеиҩаҳшоит, акраҵанакуеит ҳәа иҳаԥхьаӡоит урыстәылатәи аган ҩаԥхьа жәларбжьаратәи аилазаара ақырҭуа арратә авантиура амзызқәаҵәҟьақәеи ахҟьаԥҟьақәеи иахьрызхьаԥшуа.
Урҭ ахҭысқәа рыхәшьара аицакреи ганкахьалатәи рыдгылареи рзы аҽазышәарақәа аобиективтә хәшьара акәны иҟаӡам, уимоу, иаахтны адеструктивтә ҟазшьа рымоуп.
Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыпрактикатә хырхарҭа аиқәырхара хымԥадатәиуп ҳәа иаҳшьоит. Урҭ хымԥада аԥыжәара рыманы иаанхароуп Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы зинла адҵа ҟазҵо аиқәшаҳаҭра абжьаҵараан, иара убас аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациа апроцесс аусура аларгареи, анаҩс адемаркациа азуреи. Ас еиԥш ахәдықәҵарақәа рыда Кавказнҭыҵ ашәарҭадаратә система ӷәӷәа аиқәыршәара залшом.
Урыстәылатәи аган агәҭынчымра ацеиҩаҳшоит Қырҭтәыла ЕАР атрибунеи егьырҭ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аполитикатә ҭахкаареи Урыстәылатәи Афедерациа адискредитациеи рзы рхархәаразы аҽазышәарақәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа аламырхәӡакәа ахҵәацәеи атәыла аҩныҵҟа еиҭаҵыз ахаҿқәеи рызҵаарақәа рзы ганкахьалатәи арезолиуциақәа раларҵәара аполитикатә қәыӷәӷәара амыруга аҳасабк ала иҳаԥхьаӡоит.
Қырҭтәылеи уи мраҭашәаратәи апартниорцәеи рганахьала агуманитартә проблематика иааиԥмырҟьаӡакәа аполитизациа зынӡаск иудукылартә иҟам ҳәа иазаҳшьоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭахкаара иазырхоу асанкциатәии егьырҭ аԥкыратәии уснагӡатәқәа аҵыхәтәаны зегь раԥхьаӡа иргыланы ауаа ирԥырхагоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ихадоу рзинқәа рынагӡаразы аԥынгылақәа аԥырҵоит, хақәиҭрала аныҟәареи, аҵареи, амедицинатә цхыраареи, жәларбжьаратәи аимадарақәеи рахь налаҵаны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахәшьара ҳаракы анаҭоит Кавказнҭыҵ аҭынчреи ашәарҭадареи рзы Урыстәылатәи Афедерациа иҟанаҵо адгылара, аԥсуа-аурыс стратегиатә еидгылара Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аиҿкаареи арегион аҿы аҭынчра ахьчареи рзы ихадоу факторны иахәаԥшуеит.