Цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы аԥсуа ар ацәыӡ дуқәа шрымазгьы аӷа иҿагылара иаиааины Аҟәа ахы иақәиҭыртәит. Ари ахҭыс Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ихадоу аетапқәа ируакхеит.
12 мшы ицоз аԥсуа ҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы аоперациа напхгара арҭон Атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы, аинрал-маиор Сергеи Дбари.Цәыббра 27 рзы Аԥсны есышықәса иазгәарҭоит Аҟәа ахақәиҭтәра Амш — ажәлар рҭоурыхтә гәалашәаразы аҵак ҷыда змоу арыцхә.