Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Денис Роналдо Монкад Колиндреси Вальдрак Лиудвинг Џьентск Уитакери дрыдныҳәалеит Асандинисттәреволиуциа Аиааира 47 шықәса ахыҵра инамаданы.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
"Ԥхынгәымза 19, 1979 шықәса Никарагуа аҭоурых аҿы ихадоу рыцхәуп. Никарагуа Асандинисттә револиуциа аиааира – ари никарагуатәи ажәлар ахақәиҭреи, ахьыԥшымреи, асоциалтә иашареи ридеалқәа ишрыдгыло, Никарагуа аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә шьаҭақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи рзы акурс амҩаԥгара аарԥшра ауп.
Гәахәарыла иазгәасҭоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ҳусеицура ашықәсқәа ирылагӡаны ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа рҿы аиҩызареи, агәреибагареи, апатуеиқәҵареи аԥыжәара шрымоу.
Арҭ аизыҟазаашьақәа ҳара ҳзы аҵак ҷыда рымоуп. Ҳҳәынҭқаррабжьаратә еицәажәара амшхәаԥштә аҽарҭбаауеит. Аԥсны-никарагуатәи аполитикатә диалог аҿиара мҩаԥысуеит.
Агәра ганы сыҟоуп ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәеи адунеиеиҿкаара аспект хадақәеи рзы иҭышәынтәалоу аимадарақәеи апозициақәа рзеиԥшреи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиаразы ишшьаҭа ӷәӷәоу».