Ажәабжь ҿыцқәа
Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман онлаин-конференциа «Приднестровие - 35 шықәса жәларбжьаратәи акоординатқәа рсистемаҿы» ихы алаирхәит.
19 December 2025 148
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра еиҿнакааз ажурналистцәеи аблогерцәеи рыбжьара аицлабра «Взгляд-2025» афинал аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаиҵеит.
Ԥхынҷкәынмза 16, 2025 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль имҩаԥигаз ашықәс ҿыц аламҭалазтәи аныҳәатә еиԥылара ихы алаирхәит.
Манагуа имҩаԥысит раԥхьатәи жәларбжьаратәи афорум«Никарагуа аекспорт мҩаԥнагоит 2025: Аекспорттә лшарақәа аџьармыкьа ҿыцқәа рахь рнагара» аартра иазкыз аныҳәатә церемониа.
13 December 2025 204
Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Атәылахьчара аминистрреи рнапхгара алахәны имҩаԥысыз аилацәажәара иазкны асоциалтә ҳақәа рҿы ииашам ацәажәарақәа ахьеизҳауа инамаданы, адырра ҟаҳҵоит:
12 December 2025 205
2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 12 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи акоординациатә еилацәажәара мҩаԥыргеит.
Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа Евразиатәи Аилазаара (Берлин) анапхгара ааԥхьарала итрадициатәу Қьырсаныҳәа ахәылԥаз даҭааит.
Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш инамаданы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ауаажәларратә палата Ахеилак алахәыла, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Сократ Џьынџьал иира амш идиныҳәалеит.