Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске имшира идиныҳәалеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске имшира идиныҳәалеит
22 August 2026 7

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

"Акыр шықәса инеиԥынкыланы шәара аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵурақәа аанышәкылоит, Ареспублика Никарагуа асуверенитети амилаҭтә интересқәеи шәрыдгылоит.

Ибеиоу шәполитикатәи шәдипломатиатәи ԥышәа, шәтәыла аҿаԥхьа шәҭакԥхықәра гәык-ԥсыкала апатуқәҵара узцәырнагоит.

Гәахәарыла исгәаласыршәоит Манагуа ҳаиԥылара, 2025 шықәса ԥхынгәымзазы Асандинисттә револиуциа ашықәсхыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Ареспублика Никарагуа аҟазаараан. Усҟан аҵакы змаз ҳгәаанагарақәа реимдара ишьақәдырӷәӷәеит жәларбжьаратәи амшхәаԥштә азҵаарақәа жәпакы рганахь ала ҳтәылақәа рзеиԥшзнеишьеи аԥсны-никарагуатәи аинырра аринахысгьы арҭбаара азҿлымҳареи.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ареспублика Никарагуи иареи рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратәи аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны иашьоит, урҭ ҳҳәынҭқаррақәеи ҳажәларқәеи рыбжьара иӷәӷәаны агәреибагареи апатуеиқәҵареи дырҵабыргуеит.

Сақәгәыӷуеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҵаулара иазырхоу аҵакы змоу ҳаицәажәареи ҳусеицуреи рыцҵара.

Агәра ганы сыҟоуп аԥсны-никарагуатәи аусеицура аринахысгьы ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи ринтересқәа ирықәшәо аҵакы ҿыц ала ишхарҭәаахо».

Олег Барцыц Вальдрак Џьентске изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҭакзыԥхықәу аҳәынҭқарратә маҵураҿы ақәҿиара ҿыцқәа, Ареспублика Никарагуа аиҩызаратә жәлар – аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыӷьара.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: