Жәларбжьаратәи аԥхынтәи аџьынџьуаа рҿартә лагер «Ахьышьтрахь-2026» ахԥатәи аетап хыркәшахеит
Иара иалахәын Ҭырқәтәылеи Германиеи рҟынтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ҿарацәа, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра алицеи-интернатқәа рааӡамҭацәа.
Апроект еиҿнакааит Аԥсны арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы. Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа лыцхыраарала раԥхьаӡа акәны алагер рхы аладырхәит Германиантәи иааз ҳџьынџьуаа ҿарацәа.
Апроект «Ахьышьтрахь» аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ҿарацәеи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәара, амилаҭтә культуреи, атрадициақәеи, абызшәеи, аҭоурыхтә гәалашәареи реиқәырхара иазырхоуп. Апрограмма амҩаԥгараан алахәылацәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурыхи иахьатәи аԥсҭазаареи, уи акультуратә ҭынхеи еилыркаауеит, агәалашәаратә ҭыԥқәа ирҭаауеит, иара убас аҵаратәи акультуратәи усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәуеит.
Апроект аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ҿарацәеи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәареи аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа еилазаарақәа аус рыцура аринахысгьы аҿиареи иацхраауеит.