Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Нури Хәарцкьиа урыстәыла-африкатәи адиалог азы аплошьадка аӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва имҩаԥысыз жәлар рдипломатиа Ацентр еиҿнакааз адипломатиатә дкылара ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит африкатәи аҳәынҭқаррақәа рдипломатиатә миссиақәа рхадацәа 18-ҩык.
Ацентр аплошьадка ӡыригеит уи адиректор хада, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, Урыстәылатәи Афедерациа жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак алахәыла Дмитри Савельев. Иара иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи агуманитартә усеицуреи, акультуратәи аҵаратәи еиҭныԥсахларақәеи, аексперттә еинырра аҿиареи, еицырзеиԥшу аԥшьгарақәа рынагӡареи рзы уи аҵак ду шамоу.
Жәлар рдипломатиа Ацентр жәларбжьаратәи агуманитартәи ауаажәларратәи еимадарақәа рыҿиаразы иманшәалоу плошьадкоуп. Аԥсны Ацентр ахаҭарнакра аус ауеит 2025 шықәса раахыс.