Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба дидикылеит Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Вершинин

Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟоу  Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба  дидикылеит    Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Вершинин
27 July 2026 49

Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба дидикылеит Ҭырқәтәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Вершинин.

Аиԥылараҟны аганқәа азааҭгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Урыстәылатәи Афедерациеи, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи русуратәи реиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа. Иара убас, хырхарҭа рацәала ирылацәажәан ҳдиаспора ирыдҳәалаз азҵаарақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟан акультуратә хырхарҭа змоу азеиԥш проектқәа, ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа зырӷәӷәо агәаанагарақәеи аԥхьаҟатә ауснагӡатәқәеи ирылацәажәеит.

Иазгәаҭан, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакреи Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи русеицзура анаҩсгьы ишацҵахо. Аиԥылара даара аԥхарра аҵаны имҩаԥысит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш аҵакы дазааҭгылауа, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Вершинин Сергеи Васили-иԥа ҳамҭас аԥсуа бираҟ зныз асахьа ҳамҭас ииҭеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: