Ԥхынгәымза 19, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Асандинисттә револиуциа 47-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа рхы аладырхәит.
Никарагуа ахадацәа акоманданте Даниель Ортегеи аҩыза Росарио Мурильои рхантәаҩрала имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә иалахәын Никарагуа Аиҳабыра алахәылацәа, адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа уҳәа иааԥхьаз асасцәа.